Аԥсны

Аслан Бжьаниа ЛЖәР ахада Ареспублика амш идиныҳәалеит

2014 шықәса лаҵара 12 азы Лугансктәи Жәлар Рреспублика Украина ишалҵыз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит ареферендум анымҩаԥырга ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ЛЖәР ахада Леонид Пасечник амилаҭтә ныҳәа –Лугансктәи Жәлар Рреспублика Амш идиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Ари амш ахааназ Ареспублика аҭоурых ҿыц аҟны инхоит аиашара иамшны. Иаӡәыкыз, игәымшәаз ажәлар рыԥсадгьыл аҭынчреи ахақәиҭреи рзы иқәгылеит агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшуа", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Бжьаниа агәыӷра ааирԥшит Аԥсни Лугански русеицура иацҵахап ҳәа, ЛЖәР ажәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчреи ашәҭкакаҷреи.
Аԥсны
Бжьаниа ДЖәР ахадеи ажәлари Рреспублика Амш рыдиныҳәалеит
2022 шықәса жәабран 21 азы ЛЖәРи ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәыла, уи инашьҭарххны, жәабран 25 азы – Аԥсны.
Хәажәкыра 9 азы ареспубликақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит анотақәа реимдарала.