Аԥсны

Аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа рус иалацәажәеит Аминистрцәа реилазаараҿы

Украина арратә операциа иахьалагази аҳәаақәа ахьаркхази рзы сынтәатәи аԥхынразы Аԥсны аԥсшьаҩцәа хыԥхьаӡара рацәала ирзыԥшуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба зхадараҿы дыҟоу аусутә гәыԥ аилатәара мҩаԥыргеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа ирызкны ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр Александр Анқәаб, Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны АШәМ, ААР, Аистициа аминистрра, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рхадацәа.
Аусутә гәыԥ аилатәара алкаақәа инарықәыршәаны апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианиҵеит аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаараз ажәадгалақәа аздырхиарц.
Аҳәаа ахысра армариара азҵаара Бжьаниа Москва иҟазаараан изныкымкәа иалацәажәеит.
Аԥсны
Ахада ихаҭыԥуаҩ аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра армариара азҵаарақәа аус рыдиулоит
Аԥсуа-аурыс ҳәаа есыҽны иахысуеит 10 000 автомашьынеи 55 000-ҩык ауааԥсыреи. Убри аан иара иоунашьҭыр алшоит 1,5 нызқь транспорт хархәагеи 28 000-ҩыки заҵәык. Абри иахҟьаны аҳәаа ахысра аамҭа рацәаны иагоит, аиҳаракгьы аԥхын.