Аԥсны

Быҭәба Аԥсны амедиеҳәшьцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит

Амедиеҳәшьцәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит 1953 шықәса раахыс лаҵара 12 азы – агәшаҭара аиҳәшьцәа рмаҵзура шьаҭазыркыз Флоренс Наитингеил лира амш азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12– Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едурад Быҭәба Аԥсны амедиеҳәшьцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
"Раԥхьа иргыланы исҭахуп ҭабуп ҳәа шәасҳәарц акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿ шәлагалаз. Аҳақьымцәа шәрывагыланы ҳтәылауаа ачымазара бааԥс иацәышәыхьчон", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҿы.
Быҭәба иазгәеиҭеит, аԥснытәи амедиеҳәшьцәа апандемиаан рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭаргыланы рнапынҵақәа шынарыгӡоз, Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭараҿы рылшамҭақәа шдуу.
Аминистр амедиеҳәшьцәа ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, ақәҿиарақәа рнапы злаку аус аҿы.
Аԥсны
Аҟәа аҿкчымазаратә хәшәтәырҭаҿы ҩ-палата ҷыдак аартуп ахьҭалаларақәа змоу ахәыҷқәа рзы