Арадио

Кортуаԥҳа амедиеҳәшьа лзанааҭ азы: зныкгьы сахьымхәыцт

Иахьа амедиеҳәшьцәа Жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит. Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы поликлиника амедиеҳәшьа еиҳабы Алина Кортуаԥҳа арадиофеир аҿы еиҭалҳәеит, лзанааҭ аҷыдарақәа ртәы, аҿкы чымазара шырхыргаз, насгьы избан лус иахьагьы бзиа изылбо.
Sputnik
Кортуаԥҳа илгәалалыршәеит аҿкчымазара анцәырҵыз аамҭа атәы, илҳәеит уи хашҭшьа шамам атәы.
"Ачымазара аналага актәи амш инаркны аус ҳуан. Аԥхьа ҳшәеит, аха зегьы адгылара анҳарҭа, иҳалшоз ахәыҷы ҟаҳҵеит. Иҟан ҩымш-хымш ҳанаанхозгьы, иҳаман даара иуашәшәырыз ачымазаҩцәа. Амедиеҳәшьа лзанааҭ даара ицәгьоуп. Ачымазаҩцәа рҟазшьақәа зегьы еиԥшым, иҟалалон еиуеиԥшым ахҭысқәа, аха ачҳара ҳаманы аус ҳуит ҳәа сыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәалҭеит Кортуаԥҳа.
Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы поликлиника амедиеҳәшьа еиҳабы еиҭалҳәеит избан лзанааҭ аҿы иахьа уажәраанӡа дзыҟоу, илҳәеит уи илзацу агәыбылра атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.