Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа рыԥкра иацырҵеит лаҵара 19 рҟынӡа

Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь аҳаиртә баӷәазақәак рҵакырақәа шәарҭаны иԥхьаӡаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 12 - Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаиртә баӷәазақәа рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп лаҵарамза 19 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Росавиациа адыррақәа шьаҭас иганы.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа зегьы аус шыруц ируеит. Аԥырратә еилахәырақәа еиҿыркаауеит даҽа хырхарҭамҩақәак: Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва рхы иадырхәаларц.
Урыстәыла егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа абжьааԥны аус шыруц ирулоит.
Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь, уи аахыс изныкымкәан аҽҳәара иацырҵахьеит.
Аԥсны
Ешба: Росавиациа иадҟаҵалоу асанкциақәа Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза анырра арҭоит