Ирхашҭхьоу аблахкыра: аихамҩатә аангыларҭа "Мысра"

Мысра - "Аԥснытәи аихамҩа" аихамҩатә еҩысырҭа , аангыларҭа ыҟоуп Гәдоуҭа араион Мысра аҳаблан.
Sputnik
Асовет аамҭақәа рзы Мысра Аԥсны акурорт ҭыԥқәа ирыгәҭылсан. Араантәи ауп Асовет Еидгыла ареспубликақәа зегь рҟынтәи Аԥсны иаҭаауаз асасцәа "Ахьтәы ԥшаҳәа" аҳаблахь ишцоз. Мысроуп иахьыҟоу еицырдыруа Сталини Гарбачеви аԥхнытәи рдачақәа.
Аангыларҭа ахаҭа аартын 1944 шықәсазы, ари аамҭазы Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала аихамҩатә аангыларҭақәеи авокзалқәеи ргылан.
Аханатә аангыларҭа "Миуссора" ахьӡын. Аха 1951 шықәсазы ахьӡ рыԥсахуеит "Мусери" ҳәа, анаҩс "Миуссеру". 1990-тәи ашықәсқәа рзы аангыларҭа аԥсуа хьӡы арҭеит "Мысра" ҳәа.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аангыларҭа ахылаԥшра ахьамамыз иахҟьаны хәыҷы-хәыҷла аилаҳара иалагеит.
1 / 11

Аангыларҭа "Мысра" аартын 1944 шықәсазы.

2 / 11

Аханатә аангыларҭа "Миуссора" ахьӡын.

3 / 11

1990-тәи ашықәсқәа рзоуп иахьатәи ахьӡ "Мысра" анаиуз.

4 / 11

Асовет аамҭақәа рзы Мысры аҳабла Аԥсны акурорт ҭыԥқәа ирыгәҭылсан.

5 / 11

Убри аҟнытә араҟа ихымԥадатәин аихамҩатә аангыларҭа.

6 / 11

Авокзал ахыбра рацәак идуум, аха лыԥшаахла ичаԥоуп.

7 / 11

Ахыргьагьақәеи агәашьақәеи рырԥшьшьашьа аклассикатә хаҿра аадырԥшуеит.

8 / 11

Асовет аамҭа зныԥшуа ари аԥшӡара зегьы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь аилаҳара иаҿуп.

9 / 11

Ахыбра аӡы ахькылсуа иахҟьаны авокзал аҭыӡқәа аԥхасҭахара иалагеит.

10 / 11

Игәыгәҭыжьу авокзал аҳәира ахысны иҟоуп.

11 / 11

Иахьатәи аамҭазы аихамҩатә аангыларҭа "Мысра" апасаџьыртә дәыӷбақәа аанҿасӡом.