Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ҭарба аихамҩаҟны ишәарҭамкәа аныҟәара иазкны

Аихамҩаҟны адәыӷбарныҟәцаҩыс аус зухьаз Феликс Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит ашәарҭадара азҵаарақәа аихамҩа еихызҵәои адәыӷба ныҟәазцои рзы.
Sputnik
Аҵыхәтәантәи аамҭазы адәыӷбақәа рныҟәарақәа ахьеизҳаз инамаданы, анаплакы"Аԥснытәи аихамҩа" ауаа ргәы рҽаннаҵеит, амашәыр ҟамларцазы аихамҩаҿы ашәарҭадара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц. Акыршықәса адәыӷбарныҟәцаҩыс аус зухьо Феликс Ҭарба еиҭеиҳәеит амашәырқәа аихамҩаҿы иҟамларц азы иарбан ԥҟара хадақәоу изықәныҟәатәу. Иазгәеиҭеит адәыӷба амҩа ишықәу ианаанукыло даҽа 700- 800 метра ишцо, иахьазы аттунельқәа рҿы ахәыҵаларҭақәа аӡәгьы ишимҷаԥшьо амашәыр алмыршаразы, убас ауп ишыҟоу аихамҩа амашьынақәа ахьеихырҵәо аҭыԥқәа рҿгьы. Феликс Ҭарба иҳәеит адәыӷба аныиасуа ааигәа агылара ишаԥсам, ауаҩы аԥша даҵанагалар ауеит ҳәа. Иара иажәақәа рыла адәыӷбақәа ишахәҭоу аныҟәара иалагар, аанҿасырҭацыԥхьаӡа ԥшьҩык аҟазацәа аҭахуп.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.