АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Евроеидгыла жәларбжьаратә аренаҿ агрессиа злыжжуа акакәны ишыҟалаз. Абри инадҳәаланы Украина ЕЕ алалара агәыҩбарақәа аанарԥшуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адипломат ИАР атәылақәа рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа Таџьыкистан реилатәараҿы иқәгылара ааго.
Лавров иажәақәа рыла "Киев аҭахра ԥырхагак аҵамшәа абара агәыҩбара ду цәырнагоит... Евроеидгыла аконструктивтә економикатә платформаҟынтә аибашьра згәаҳәо акны иахьыҟалаз инадҳәаланы".
Аминистр иҳәеит Украина Евроеидгыла иалахәылахар шаҭаху шамҵәахуа, убри аан аблок анҭыҵтә статус иақәшаҳаҭуп ахәдықәҵарақәа роураан ҳәа.
Лавров иара убасгьы иазгәеиҭеит, мраҭашәаратәи атәылақәа иҟарҵо зегьы ИАР, ОДКБ, ШОС, ЕАЕС рҳәаа иҭагӡаны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҵшәаара ишазырхоу, Мраҭашәара егьырҭ атәылақәагьы Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа аларгаларц ааԥхьара "иџьоушьаша, ихамаԥагьоу, иамхарацәоу позициоуп" ҳәа.