Медведев асанкциақәа рышьҭахь адунеи аҭагылазаашьа далацәажәеит

Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа раамҭаз ҳзышьцылахьоу адунеи аилаҳара иалагоит ҳәа иҳәоит Медведев.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев асанкциа ашьҭахь адунеи шьаҭанкыла аҽаԥсахуеит иҳәеит. Абри атәы иҩит иара Telegram-канал аҿы.
Медведев иажәақәа рыла, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿ аиҭакрақәа ашәарҭадаратә архитектура ҿыц ахь икылыргоит, шьаҭасгьы ироуеит америкатә дунеи аидеиа акәымкәа, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рмилаҭтә интересқәа ҳаҭыр рықәҵара.
Медведев иҳәеит алогистикатә еимадарақәа реиԥҟьара, аенергокризис тәылақәак рҿы афатә аалыҵ азымхара адагьы амлакрахь икылыргоит ҳәа.
Аинфлиациеи амилаҭтә валиутақәа рышьақәҟьареи авалиута-финанстә усхк аҟны аиҭакрақәеи ахатәтәра асистема еиладырбгоит.
Медведев иара убасгьы иазгәеиҭеит рхы шышьҭырхуа арегионалтә еимак жәытәқәа реиԥш аҿыцқәагьы, рхы шцәырырго атеррористцәа.
Медведев Украинаҟа иаарышьҭуа абџьар аиадертә еибашьра ашәарҭара иацнаҵоит ҳәа иҳәеит
Акризис аҭышәныртәалара злымшаз жәларбжьаратәи аинститутқәа рымчра каҳауеит, жәларбжьаратәи аусеицура мап ацәкра, аиҳаракгьы агәабзиарахьчара аганахь ала аепидемиа ҿыцқәа цәырыргоит ҳәа иҳәеит Медведев.
Арҭ ахҟьаԥҟьақәа зегьы Дмитри Медведев мраҭашәаратәи атәылақәа рхымҩаԥгашьоуп изыхҟьо ҳәа иҳәеит.