Медведев Украинаҟа иаарышьҭуа абџьар аиадертә еибашьра ашәарҭара иацнаҵоит ҳәа иҳәеит

Урыстәылатәи аган изныкымкәа иазгәанаҭахьеит америкатәии европатәии абџьар Украинаҟа аашьҭра аимак аҭышәнартәалара акәымкәа аргәагәараоуп иззырхоу ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Украинаҟа иаарышьҭуа абџьар аиадертә еибашьра ашәарҭара иацнаҵоит ҳәа иҳәеит. Абри атәы аполитик Telegram-канал аҿы иҩит.
Медведев иҳәеит НАТО атәылақәа рҟынтәи Киевҟа абџьар аашьҭра, аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара, қьырала еибашьуа ауаа раашьҭра Урыстәылеи Аҩада Атлантикатәи алианси реиҿагылароуп иаанаго ҳәа.
Аганқәа иаартны реиҿагылара инарҭбаау аиадертә еибашьрахьы икылнагар ауеит, уи зегьы рзы ирыцҳара дууп ҳәа иҳәеит иара.
Украина аҭагылазаашьа Медведев "мраҭашәаратәи атәылақәа иаадыртыз proxy war ауп" иҳәеит.
Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев абжьгара ҟаиҵеит дасу ихымҩаԥгашьа дазхәыцларц, ахжьарагьы аӡәы ижьарагьы иаҟәыҵырц.
Песков иҳәеит НАТО ашәарҭадараз акәымкәа аичырчараз ауп изыҟоу ҳәа