Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Леиба Гәдоуҭа Жәлар реизарахь адепутат еиҭалхра атәы

Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы Жәлар реизарахь аиҭалхрақәа рымҩаԥгара ишазхиоу атәы еиҭеиҳәеит уи алхырҭатә ҭыԥ хада алхратә комиссиа ахантәаҩы Оҭар Леиба.
Sputnik
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхратә ҭыԥ хадаҿы лаҵарамза 14 рзы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы акандидатцәа аӡәгьы аиааиразы изхаша абжьы ахьимоуз азы.
Алхырҭатә ҭыԥ хада №18 (Гәдоуҭатәи актәи) аҿы акандидатцәа ықәгылоуп Беслан Ҭаркьыл, Леонид Лакербаиа.
"Алхрақәа рымҩаԥгаразы аҭыԥқәа мазеиоуп, алхыҩцәа рсиақәа кыдуп, азакәан ишаҳәо еиԥш. Ауадаҩра ҳәа акгьы ыҟаӡам", - иҳәеит Леиба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҿы 17-ҩык адепутатцәа алхын, даҽа 17 рҿы хәажәкыра 26 рзы аҩбатәи атур мҩаԥысит. 16 ҭыԥ хада рҿы алхрақәа шьақәгылеит. Аҟәа, алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) адепутатрахь акандидатцәа еиҟараны абжьы роуит. Убри аҟнытә аҭыԥ хадаҿы аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы.