Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адларазы ареферендум анымҩаԥырго еилкаахеит

Ареспублика ауааԥсыра азҵаара ҭакс иҟарҵароуп: "Шәақәшаҳаҭума Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адлара?".
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Алада Уаԥстәыла Урыстәыла адларазы ареферендум мҩаԥгахоит рашәарамза 17 азы, абри атәы аанацҳауеит аладауаԥстәылатәи ахада исаит.
Абжьыҭара анымҩаԥысуа амш аҽҳәара аиҭеит атәыла ахада Анатоли Бибилов, иахәҭоу аусԥҟа инапы аҵеиҩит "Урыстәыла адлараз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ргәазыҳәара шьаҭас иҟаҵаны".
Уаанӡа, Бибилов иҳәахьан ареспублика изныкымкәан ари аҩыза ашьаҿақәа шыҟанаҵахьаз еиуеиԥшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзын. Урыстәыла адлара - ари ажәлар ргәазыҳәароуп. Иара убасгьы иазгәеиҭеит ишхымԥадатәиу Уаԥстәыла Нхыҵи Аахыҵи реидылара урыстәылатәи аҳәаа иҭагӡаны.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла ахадас иалырхыз Алан Гаглоев идиныҳәалеит