Владислав Григори- иԥа диит лаҵара 14, 1945 шықәсазы Аҟәа араион Ешыра ақыҭан. Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба еицырдыруа ҵарауаҩын. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратәи академиа алахәыла иакәын, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.
Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны иара ус инапы злеикхьаз аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара еиҳа шьаҿаӷәӷәала инациҵеит, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак напхгара аҭаны уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.
Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.
1994 шықәса, абҵара 26 рзы В.Г. Арӡынба далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала ҩынтәны деиҭалырхит.
Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 азы, 65 шықәса дшырҭагылаз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.