Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Финлиандиа НАТО алаларазы аҽазышәарақәа ртәы

Финлиандиа НАТО алалара аҽазнашәоит. Уи иахылҿиаарц иалшо ахҳәаа азыруит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Швециа аиҳабыра Финлиандиа аҿырԥшы иақәныҟәарц ргщы иҭоуп. Ахҭысқәа рыҿиашьеи анаҩстәи асценарии зеиԥшрахои рзы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.
Sputnik
Аполитолог игәаанагарала, Финлиандиеи Швециеи уажәаԥхьа официалла анеитралтә статус шрымазгьы, Аҩада-атлантикатәи аидгыла имҩаԥнагоз аполитика иахәҭакын, адгылара арҭон. Убри аҟынтәи иахьатәи рхымҩаԥгашьа џьашьатәым.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.