Арадио

Смыр: аџьармыкьахь инаҳго ауҭраҭых шырҭиуа аасҭа ҩынтәны ахә еиҵаны ираҳҭоит

Хыԥсҭа ауҭраҭыхааӡарҭа змоу Константин Смыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит рҽаҩра зеиԥшроу, русураҟны уадаҩрас ирԥыло атәы.
Sputnik
Аҭыԥан иааурыхуа ашәыр, ауҭраҭых даҽаџьарантә иаагоу иузадкылом, гьамала иудыруеит ахаҭабзиара зеиԥшроу. Абар уажәшьҭа фышықәса ҵуеит Хыԥсҭа ақыҭан еиҿкаауижьҭеи ауҭраҭых ааӡарҭа. Аџьармыкьахь заалыҵ назго ауҭраҭыхааӡаҩцәа сынтәатәи раарыхра зеиԥшроу, уи наргахьоума аҭирҭақәа рахь, лшарақәас ирымоуи рнапы злаку аус арҭбааразы. Ауҭраҭых ааӡарҭа аиҳабы Константин Смыр иҳәеит анаша раԥхьатәи аҽаҩра Аҟәа аџьармыкьахь ишнаргаз. Амшқәа ирырҭар ҽнак ҩба-хԥа тонна рҟынӡа аҽаҩра иазыԥшуп. Анаплакҩы иҳәеит иаадрыхуа аҽаҩра ахә аџьармыкьаҟны иақәу бжала ишрырҭо, дырзааҭгылеит русураҟны иҟоу амчымхарақәа ртәгьы.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.