Арадио

Ԥкьын Бзыԥ асаркьацҳа ахҵаразы: ҟәрышьк арҳаразы акәӡам, ҿыцк ҟаландаз ҳәа ауп

Ирацәаҩума асаркьацҳа иаҭаауа, иабанӡардыруеи ас еиԥш аҭыԥ шыҟоу аҭыԥантәи ауааԥсыреи иаҳҭаауа асасцәеи, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект авторцәа руаӡәк Мурман Ԥкьын.
Sputnik
Ҩышықәса раԥхьа Бзыԥ аӡиас аҟны нап аркын ҳтәылаҿ ираԥхьатәихаз асаркьа иалху ацҳа. Сынтәа раԥхьаӡакәны асаркьацҳа лабҿаба уаҩы ибаратәы, дыкәсратәы иаартхеит.
"Аҭыԥантәи ауааԥсыра аинтерес рзаҵоуп, асоциалтә даҟьақәа рзы иҭырхуеит. Џьашьахәык аҳасабала иахәаԥшуеит. Аԥсшьаҩцәагьы иргәаԥхоит. Иара атуристцәа зҭаауа иҿыцу ҭыԥны иҟалеит. Уаҟа ақьафурҭагьы иҟоуп. Аԥсуа чыс агьама рбаратәы иҟалеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ԥкьын.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит ацҳа аргылараан ашәарҭадара аганахьала иазԥхьагәаҭаз аусурақәа ртәы, иҳәеит асаркьацҳа ақәсра шхәыда-ԥсадоу, ҟәрышьк арҳаразы шакәым изыҟаҵоу, Аԥсны иҿыцу, ибзиоу ак ҟаларцаз ауп ҳәа азгәеиҭеит Ԥкьын.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.