Аԥсны

"Са саԥсыуоуп, са салмасуп!": Гьаргь Гәыблиа игәалашәара иазкны

Аԥсуа поет, апрозаик, адраматург, алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Гәыблиа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы иахьа ихыҵуазаарын 94 шықәса. Ишәыдаагалоит арҿиаҩы изкны апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иҳазирхиаз анҵамҭа.
Sputnik
"Сара саныҷкәыназ аахыс нҭыҵ-ааҭыҵ жәпаџьара аԥхьаҩцәа рҿаԥхьа ақәгылара сықәшәеит: Қарҭ, Москва, Киев, Одесса, Запорожие, Ужгород уҳәа. Ахрыҽхәара заҭахузеи, урҭ ақәгыларақәа бжьааԥнытәымызт, аӡыҩрцәа рыла ишьақәургылар ауан уи агыдыра ахьынӡаҟаз. Поетк иаҳасабала сара еиҳа исышьашәалан аоратортәи атрибунатәи интонациа."
Гьаргь Гәыблиа
Ҳаԥсуа литератураҿы ажанрқәа зегьы рҿы иҩуаз ҳашәҟәыҩҩцәа ҳанрызхәыцуа, иаразнак ҳала даахгылоит апоет-аҵарауаҩ Гьаргь Гәыблиа. Уи аҩра далагеит поетк иаҳасабала, еиҳарак деицырдыруа дызлаҟалазгьы ипоезиа ала акәзар ҟалап… Аха иқәрабжа данынҭыс инаркны диасуеит апрозеи, адраматургиеи, акритикеи рахь. Иагьа убас иҟазаргьы, ашәҟәыҩҩы еиҳа ихы-иԥсы зиҭоз, иԥсҭазаара зегьы здиҳәалаз, аҵыхәтәанынӡагьы икалам иҵыҵуаз апоезиатә рҿиамҭақәа ракәын. Иуҳәар ауеит, уи шәҟәыҩҩык иаҳасабала деицырдыруа дҟазҵазгьы апоезиа ауп ҳәа! Иаҳгәалаҳаршәап апоет раԥхьаӡа 1947 шықәса рзы апоезиахь дызлацәырҵыз иажәеинраалақәа руак ацыԥҵәаха:
С-Аԥсны лаша
Ужәҩан ҵәцаш ду, икеикеиуа,
Ихнамхыц дызусҭада, нас иҳәа.
Ушьхараҿ асы анлеиуа,
Ишәҭыкакаҷуеит уԥшаҳәа.
Иага сӡырҩыргьы схы наудкыл,
Иуадаҩуп уа утәык аҳәара.
Анцәа исаҭәеишьаз ари адгьыл,
Насыԥ дууп умаҵ аура!..
Сара ҷыдала Гьаргь Гәыблиа идҳәалан схатә гәалашәарақәа ртәы сҳәозар, урҭ даара сгәы рыздууп. Раԥхьаӡа сара Гьаргь Гәыблиа дызбеит ажурнал "Алашара" аредакциаҿы 1978 шықәса рзы, усҟан иара ҿыц редактор хадас даныҟарҵаз ашықәс азы ауп. Исгәалашәоит, раԥхьаӡатәи сажәабжь "Саб" ҳаман ҳнеит сҩыза ажурналист Енвер Арџьениеи сареи. Гьаргь Константин-иԥа даара ибзиан ҳидикылеит, дҳазрыԥхьеит иаргьы иажәеинраала ҿыцқәа, иҳаиҳәеит алитература ҳааҟәымҵӡакәа ирацәаны ҳаԥхьаларц, ҳаҩларц, ҳаԥхамшьакәа аредакциақәа рҟны ҳнеиларц. Уи нахыс, ҩымз ааҵхьан еиԥш, аҿар ирызкыз ажурнал актәи аномер аҿы изнаагаз сажәабжьгьы аниҵеит. Убри инашьҭарххны, сҩыза Енвер Арџьениагьы ажәабжь иҩит, убригь даара деигәырӷьаны ажурнал ианиҵеит.
Нас, уи нахыс, усҟан М. Горки ихьӡ зху Арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҿы аҵара сҵон, иаргьы даҳзаԥхьон аԥсуа литература аҭоурых. Убраҟоуп еиҳагьы даара гәцаракрыла сҩымҭақәа инапы иахьыҵигоз, иуҳәар ауеит, уи редактор бзиас дысзыҟалеит ҳәа. Ашьҭахь, аинститут аҿы иҭыҵуаз анапылаҩыратә журнал "Арҩаш" редакторс сҟарҵеит, уа ианылоз иреиӷьыз астудентцәа рҩымҭақәа зегьы ажурнал "Алашарахь" иаагон, гәахәарыла иагьыркьыԥхьуан.
Гьаргь Гәыблиа
Гьаргь Гәыблиа изку сгәалашәарақәа даара ирацәоуп, аха абраҟа урҭ ирҭыԥым азы, даҽа акызаҵәык сгәаларшәаны ихсыркәшоит. 2004 шықәса рзы имҩаԥысит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла 10-тәи Аизара Ду. Убраҟа имҩаԥысуан Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ажурналқәа рредакциақәа рредакторцәеи ралхрақәа. Усҟан ҳашәҟәыҩҩцәа зегьы қәрала иреиҳабыз Гьаргь Константин-иԥа иакәын, Аизара Ду иалахәыз аделегатцәа зегьы аарӡыҩрны, дахцәажәан иқәиргылеит сара скандидатура! Иџьоушьаша, сара усҟан ашәҟәыҩҩцәа реиҳараҩык среиҵбын, аха дара зегьы адруҳәа скандидатуразы рыбжьқәа рҭиит! Абасала, Гьаргь Гәыблиа сара сырҿиареи, сыԥсҭазаара еилашыреи даара илаԥш ахын, иахьаҭахыз, дагьсыдгылон!..
Уажәы абраҟа иаҳгәалаҳаршәар ҳахәҭоуп арҿиаҩы дани инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа инысымҩа:
Гәыблиа Гьаргь Константин-иԥа диит лаҵара 15 1928 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан, иԥсҭазаара далҵит абҵара 6 2019 шықәсазы. Аԥсуа поет, апрозаик, адраматург, алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихҵан (1970), Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аԥсуа литература акафедра адоцент, анаҩс апрофессор. "Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа" зыхьӡу иусумҭазы Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1974), 1957 ш. раахыс СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа дрылоуп, 1999 шықәса инаркны – Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. Ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара. Дыҩуан аԥсышәала.
Аҵара иҵон Ҟәланырхәатәи ашкол аҟны ԥшьы-шықәса, анаҩс – абжьбатәи акласс аҟынӡа Гәдоуҭатәи абжьаратәи аԥсуа школ аҟны. 1944 шықәса рзы Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникум дҭалеит. Ашьҭахь уи Мықәҟа ииаргазаргьы, иҵара аанимыжьит. Убри нахыс алитература агәыбылра икит. Адраматә кружок далахәын. Убасҟан ауп алитература даназҿлымҳахагьы. Раԥхьаӡа акәны инарҭбааны идырит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Д.И. Гәлиа, С.И. Ҷанба, И.Г. Папасқьыр, иара убас Н.В. Гоголь, А.С. Пушкин, М.И. Лермонтов уҳәа рҩымҭақәа. Урҭ рышәҟәқәа атехникум абиблиотекаҿы иҟан.
Гьаргь Гәыблиа
Иҵара аныхиркәша (1948), шықәсык аҟынӡа иқыҭа гәакьаҿ Ҟәланырхәа агрономс аус иуан. 1949 шықәса рзы А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Аха ашьҭахь гәыԥҩык иқәлацәеи иареи ииасит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет ахь. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы Аԥсныҟа даныхынҳә (1954), аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, нас Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны ҩаԥхьа ҿыцны иаадыртыз афилологиатә факультет аԥсуа сектор аҟны аԥсуа алитература арҵаҩыс, ашьҭахь аԥсуа литература акафедра аиҳабыс (1965-1975). Дыҟан апартиа Аԥснытәи аобком алекторс. 1970 шықәса рзы Қарҭ ихьчоит акандидаттә диссертациа "Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа" ахьӡны. Уи хара имгакәа хаз шәҟәны Аҟәа иагьҭыжьын. 1975 шықәса рзы инаркны апартиа Аԥснытәи аобком алекторс дыҟан. 1978-1984 шықәса рзы - ажурнал "Алашара" аредактор хадас, ашьҭахь - ашәҟәҭыжьырҭа "Алашара" аиҳабыс. Аԥснытәи Аҳәыҭуниверситет апрофессорк иаҳасабала акыр шықәса аԥсуа литература аҭоурых иазкны алекциақәа дрыԥхьон.
1950 ш. акьыҧхь аҟны данцәырҵ инаркны ипоезиатәи ипрозатәи рҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа "Алашара", "Амцабз", "Аҟәа-Сухум", "Юность", "Молодая гвардия" агазеҭқәа "Бзыԥ", "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Еҵәаџьаа", "Литеранурная газета" уҳәа егьырҭгьы. Иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп "Аԥсуа поезиа антологиа ХХ ашә." (2001; еиҭаҭыжьуп – Аҟәа-Москва, 2009).
Г. Гәыблиа авторс дрымоуп ажәеинраалақәа реиԥш, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, апиесақәа, аочеркқәа, аԥсуа литература иазку аҭҵаарадырратә статиақәа. Жәлар ражәабжьҳәаҩцәа Жана Ачбеи Чаҵә Чагәи рҳәамҭақәа реизгараҿы акәзаргьы, шьарда илиршахьеит. Иҩымҭақәа еиҭаганы иҭыҵхьеит аурыс, аукраин, ақырҭуа, аҟабарда уҳәа абызшәақәа рахь. Ихаҭагьы гәацԥыҳәарала аԥсшәахь еиҭеигон егьырҭ алитературақәа рхаҭарнакцәа рҩымҭақәа.
Гьаргь Гәыблиа
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала: Сыԥхьарца. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1956; Мҩамш. Апоемақәа. Аҟәа, 1958; Схәышҭаара ацԥхьқәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1960; Ааԥынтәи ахәыцрақәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1963; Аиԥылара ҿыц. Аповести ажәабжьқәеи. Аҟәа, 1965; Ашьха мҩа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1967; Аиҩызара ашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1972; Амшыни сареи. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1975; Акаҵәараҿ аиқәшәара. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. Аҟәа, 1978; Ицәқәырԥон амшын. Ажәеинраалақәеи апоемеи. Аҟәа, 1980; Ахьшь агага. Аповестқәеи ажәабжьи. Аҟәа, 1981; Аҿара амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1984; Адгьыл аҳақ. Ароман. Апиесақәа. 19; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1988; Лахьынҵала иузшоу. Ароман. Аҟәа, 1996; Исзымҳәаз ажәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1998; Ирхәыз ашьауардын. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1999; Аҵыхәтәантәи ахысыбжь. Ароман. Аҟәа, 2004; Нестор. Агәалашәарақәа. Аҟәа, 2006; Иҩымҭақәа реизга. Хә­-томкны. Аҟәа, 2005-2013; урысшәала аиҭагақәа: Посох. Лирика. М., 1966; Горсть земли. Стихи. М., 1976.
Гьаргь Гублиа имоуп аԥхьаҩцәа ибзианы ирылаҵәахьоу алирикатә жәеинраалақәа маҷымкәа. Урҭ иреиуоуп аԥсуа жәлар зегьы ибзианы еицырдыруа "Са саԥсыуоуп, са салмасуп!" Ари ажәеинраала апоет ианаԥиҵа инаркны ҳажәлар даара ирласны ирылаҵәеит, акомпозиторцәа иаразнакгьы ашәа алырхит. Избанзар, уи аҿар ирзааигәан, рцәаныррақәа ирхылҵуан, рыгәҭыхақәа аҳәон. Иаҳгәалаҳаршәап раԥхьатәи ацәаҳәақәа:
Са саԥсыуоуп, са салмасуп,
Сара сақәтәоуп саб иҽыз.
Апҟеиҳәа снеиуеит са сымҩасны,
Уаҟа агәашәаҿ бысзыԥшыз!..
Ари ажәеинраала амҵәыжәҩа змоу жәеинраалаоуп. Асеиԥш иҟоу ажәеинраалақәа ирлас-ырласны ииӡом, аха ианилакгьы, абиԥарақәа инеимда-ааимдо ирҳәоит, акыраамҭа зыԥсы ҭоу жәеинраалақәоуп.
Иаагап даҽа лирикатә жәеинраалакгьы, уи зынӡа ф-цәаҳәак роуп иҟоу азы, ишеибгоу иасырбоит:
Аӷба бынҭалан, амшын бынхылеит,
Уи ацәқәырԥ иалсны ицон иласны.
Ашьҭа ҟәашӡа амшын иххалеит,
Аха иаразнак иӷьеит еимашьшьы.
О, акызаҵәык, ӷьара зқәымкәа инхаз,
Сгәы ашьҭа ианыбҵаз ауп, бара инҵәаз!..
Гьаргь Гәыблиа ирҿиара иаразнак иазхьаԥшит, ахәшьарагьы арҭеит иналукааша ҳаԥсуа ҵарауаа. Абар урҭ рыхьӡқәа автор шаҟа гәыблыла игәалаиршәо:
"Сҩымҭақәа игәарымҭацт, ирхымцәажәацт ҳәа сызҳәом, уи аганахьала маҷк игәыгәҭаханы ишыҟоугьы. Раԥхьаӡатәи сышәҟәқәа "Сыԥхьарца", "Мҩамш" уҳәа ирыхцәажәаз Ал. Лашәриа, Ал. Џьениа, К. Лоиа, Ш. Салаҟаиа, С. Зыхәба, Р. Қапба уҳәа инадыркны Хә. Бӷажәба иҟынӡа азеиӷьашьарақәа, амҩақәҵарақәа исырҭаз сара даараӡа исыхәеит, сахьгәаақәозгьы убарын ҳәарада, аха уи аамҭа иарышшеит, исеилнаркааит уи еиҳау еилыркаагакгьы ыҟамзаап арҿиараҿы".
Апоет зегь раԥхьа иргылон ауаҩра, аламыс, дахьыҟазаалакгьы, дызлагылоу закәытә уаазаалакгьы, ауаҩы, ауаҩы анихьӡха, иламыс ицәымӡыр акәын. Абар, уи апоет ҩ-куплетзаҵәык иҟоу иажәеинраала ишаныԥшуа:
Схахьы арҩаш ашьхақәа аҽрынҵаны,
Илеиуеит, еихсыӷьрак азымдырӡо.
Аҽыртла исыҵысны инҭалоит хланҵы,
Ахрақәа иргәылоуп амҩа нымҵәаӡо…
Уажә сахьгылоу ауаҩы сизхәыцуеит сара,
Зны хыхь дхалоит, уи дҳаракӡазароуп.
Зных далҟьаны дкаҳар ауеит иара,
Аха усҟангьы иҵас еилеимгароуп…
Гьаргь Гәыблиа шәҟәыҩҩык иаҳасабала аџьабаа ӷәӷәа шибахьазгьы, убри иааҵамхо даара аџьабаа ибеит, иуҳәар ауеит, ишьапқәа дахьынӡанаргоз ҳаԥсуа ҿар Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы "Аԥсуа литература аҭоурых" алекциақәа дрызрыԥхьон, шьыбжьаанӡакгьы илекциақәа дрыгымхацызт, убриаҟара бзиа ибон дзыԥхьоз амаҭәаргьы, дара аҵара зирҵоз ҳаԥсуа ҿаргьы. Сара акырынтә сиқәшәахьан уи шаҟа гәыблыла ирызнеигоз аҿар ҳбызшәеи ҳлитературеи ирықәу аҳатыр, ирыҵоу аԥшӡара, ацқьара…
Схы агәра сиргеит: Гьаргь Гәыблиа игәалашәаразы
Иахьагьы сгәы иқәҩуеит Гьаргь Константин-иԥа алекциақәа данҳазрыԥхьоз, алекциеи алекциеи рыбжьара, иҵегь ҳгәы амца ҭанаҵартә, иара иабиԥареи иареи ианыҷкәынӡаз аахыс ирхыргоз, изҿыз даналацәажәоз:
"Аԥсны амилаҭ аполитика аилагара аҭыԥ анамаз, иҟашәҵо иашоуп ҳәа рхы рыҵаҵаны итәамызт Аԥсны аинтеллигенциа. Ақырҭуа школқәа ахьаԥшьыргахьаз, аԥсуа бызшәа аҵара есааира ианагхоз, аԥсуаа рҵеицәа ықәҵны имцар ада ԥсыхәа аныҟамыз аамҭазы Дәрыԥшь, Лыхны, Ҟәланырхәа уҳәа ашколқәа рҿы ҳнеины аиԥыларақәа мҩаԥаагон, ашколхәыҷқәа атәым бызшәа иаҵаӷәӷәа игылаз, рыблақәа ҭырхаха иҳахәаԥшуан. Ақырҭуа рҵаҩцәа рхы рықәыжьны итәан. Усҟантәи аамҭазы ҳҿар иахьахәҭаз аҭыԥ аҿы игылан. Саргьы студентк иаҳасабала исылшоз ҟасҵон, сҩызцәеи сареи ҳнапы ианырҵоз акаҿы ҳаиҵахомызт. Аиԥыларақәа рҿы ҳҭагылазаашьа атәы ҳҳәауан. Ҳрыԥхьон ажәеинраалақәа…"
Апоет, арҵаҩы, иԥсҭазаара зегьы ижәлар ирзикит, уи хыԥхьаӡара рацәала ҳҿар рдоуҳатә культура иацәтәымымкәа иааӡеит, еиқәирхеит урҭ рыҩнуҵҟа ҳкорифеицәа дуқәа Дырмит Гәлиеи, Самсон Ҷанбеи рыжәлар рзы изызгәаҟуаз аҵара-лашара, аԥсҭазаара бзиа, атрадициа дуқәа, хәы змаӡам ҳқьабзқәа. Ус иҟоу ауаҩы дыԥсӡом, уи дызнысыз иԥсҭазаареи ирҿиареи, зда ԥсыхәа рымам акеиԥш, ижәлар есымша рыбла ихгылоуп…