Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Камкьиаԥҳа ақыҭаҿы аусурҭатә ҭыԥқәа ирызкны

Аӡҩыбжьа ақыҭан инхо Ельвира Камкьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит хаҭала аҵыҵындра ааӡарҭаҿы лусура, ақыҭан ауааԥсыра усурҭатә ҭыԥла реиқәыршәаразы иҟоу алшарақәа, насгьы уи ирнаҭо атәы.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.