Аԥсны

Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Москва даҭааит

Даур Ақаҩба Москва дыҟан акультура аминистр иҳасаб ала сынтәа, мшаԥымзазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Аԥсны Акультура аминистр Даур Ақаҩба усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Москва аминистр дырԥылараны дыҟоуп Урыстәыла акультура аминистрра ахаҭарнакцәа, ирылацәажәоит 2022 шықәсазы акультура аусхк аҟны аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуреи аинырреи рызҵаарақәа.
Аԥсны ахада иусԥҟала адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Даур Ақаҩба акультура аминистрс дҟаҵоуп 2022 шықәса мшаԥы 6 азы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрс Инал Арӡынба даныҟала ашьҭахь Даура Ақаҩба Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩыс, ААУ жәларбжьаратәии аекономикатәии азҵаарақәа рзы аректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.