Аԥсны

ЕАЕ рхада иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы Баграт Хәытаба адышшылара ҟаиҵеит

Муҳаммед бен Заид Аль Нахаиан шьҭрала аҳәынҭқарра ахадараҿ днеит иаб иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба дидышшылеит Шьамтәыла иҟоу Еиду Арабтәи Емиратқәа русқәа аамҭалатәи агәрага ЕАЕ рхада иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР амедиацентр.

"Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Аԥсны адәныҟатәи аусбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба ихьӡала ЕАЕ жәларбжьаратәи аусеицуреи адәныҟатәи аусқәеи рминистр Абдуллаҳ Бен Заид Бен Султан Аль Нахаиан адышшыларатә ажәанҵа ииҭеит", - ҳәа аҳәоит акьыԥхьымҭаҿ.

Иара убас, Баграт Хәытаба Аԥсны ажәлари анапхгареи рыхьӡала адышшылартә шәҟәы аҟны анҵамҭа аанижьит.
Аԥсны
Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьа ҳәаақәызҵо ашәҟәқәа рыдыркылт Аминистрцәа реилазаараҿы
Еиду Арабтәи Емиратқәа рхада иԥсҭазаара далҵит 73- шықәса дшырҭагылаз акыраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны. Раԥхьаӡа акәны аҳәынҭақарра ахадас далхын 2004 шықәсазы, уи аахык акырынтә деиҭалырххьан.