Арадио

Қәҭелиа аицлабра "Акалам аԥышәаразы": ахәыҷқәа ирылоу аҟыбаҩ аарԥшра хықәкыс иамоуп

Аԥсны ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаԥысыз "Акалам аԥышәара" иаиааиз аҳамҭақәа ранашьан лаҵара 15 рзы. Уи амҩаԥгара ахықәкы, зҽалызкааз аҵаҩцәа рҟыбаҩ зеиԥшроу еиҭеиҳәеит ауаажәлар рымадаразы аҵареи абызшәатә политикеи аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Sputnik
Аԥсны аҳәынҭкарра аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра жәашықәса иназынаԥшуа иҵуеит имҩаԥнагоижьҭеи арҿиаратә еицлабра "Акалам аԥышәара". Уи зхы алазырхәыз 30 ҩык рхатәы жәеинраалақәа иаԥырҵаз анаҩсгьы аконкурс аԥҟарақәа рыла аӡбаҩцәа ирыдырҵоз адҵақәа нарыгӡон. "Акалам аԥышәара" аихшьаалақәа рнаҩс аҳамҭақәа ранашьара мҩаԥган аетнопрак "Аԥсны" аҿы. Ирнаҭои аҿар ас еиԥш арҿиаратә еицлабрақәа, аҳамҭақәа ранашьара шымҩаԥысыз амилаҭтә парк аҿы еиҭеиҳәеит ауаажәлар рымадаразы аҵареи абызшәатә политикеи аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.