Аԥсны

Енвер Бзагәа акикбоксинг азы адунеи ачемпионат аҟны абронза даԥсахеит

Акикбоксинг азы адунеи ачемпионат мҩаԥысуан ҭырқәтәылатәи ақалақь Сҭамԥыл, лаҵара 12-15 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Енвер Бзагәа ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит акикбоксинг азы адунеи ачемпионат аҟны, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы.
Аԥсуа спортсмен дықәгылеит зыкапан 81 кила иҟоу рыбжьара.
Енвер ҭырқәтәылатәи репатриантуп. Испорттә кариера уоуп ахы ахьакыз, абокс азы Ҭырқәтәыла еизгоу акоманда далахәын, апрофессионалбжатә қәгыларақәа мҩаԥигахьан. 2019 шықәсазы Аԥсны жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа имҩаԥысуаз ихы рылаирхәит. Уи анаҩс иԥсҭазаара иԥсадгьыл иадеиҳәаларц иӡбеит.
2021 шықәса рашәарамзазы Енвер Бзагәа Аԥсны ахьӡала Москва ареитингтә қәгылараҟны аиааира игеит.
Арепатриациа
Енвер Бзагәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ахьӡала сықәԥаларц сҭахуп