Аԥсны

Гагра ахәҭак лашарада иаанхоит лаҵара 17 азы

Мшаԥы 23 азы "Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны иахьаҵанакуа аамҭа-аамҭала алашара арцәара иаҟәыҵит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Гагра араион ахәҭак лашарада иаанхоит лаҵара 17 азы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Алашара дырцәоит асааҭ 11:00 инаркны 16:00 рҟынӡа астанциа маҷ "Гагра-2" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усқәа рымҩаԥгараз.

"Амшынеиқәафымцам" ауааԥсыра рахь аҭамзаара шьҭарҵоит ирзаԥырҵаз ауадаҩрақәа рзы.