АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Иааинырсланы афатә ахьыҟарҵо америкатәи акрыфарҭақәа "McDonald's" урыстәылатәи аџьармыкьа шыннажьуа азы аҳәамҭа ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости аилахәыра адыррақәа шьаҭас иганы.
"Атәылаҿ 30 шықәса аусура ашьҭахь акорпорациа McDonald's урыстәылатәи аџьармыкьа шыннажьуазы аҳәамҭа ҟанаҵеит, урыстәылатәи абизнес шаҭиуазы аус аԥшьнагеит", - ҳәа аҳәоит апресс-релиз аҿы.
АИХқәа ринформациала аилахәыра амазара шаҭиуагьы аусуратә ҭыԥқәа еиқәнархоит, иазԥхьагәанаҭоит аҽа брендк ала аусура ахацыркра. Ақьафурҭа аартхар ҟалоит рашәарамза агәазы.
Хәажәкырамза 8 азы аилахәыра ахаҭарнакцәа алаҳәара ҟарҵеит Урыстәыла ақьафурҭақәа шанаркуазы. Мзызны иазгәаҭан еиԥҟьарада аусура алымшареи хаҭабзиарала ассортимент амазаара алымшареи.
Урыстәыла раԥхьатәи ақьафурҭа аартын 1990 шықәсазы. Уи аахыс McDonald's иаартын 850 ресторан 62 федерациатә субиектк рҿы. Аусура алшара рыман 62 000-ҩык.
90% урыстәылатәи "Макдоналдс" азынашьҭыҩцәа урыстәылатәи анаплакқәа роуп. Арҭ анаплакқәа рҿы аус руан 100 000-ҩык. Аилахәыра аусуҩцәеи азынашьҭыҩцәеи рҿаԥхьа ахыдҵақәа рынагӡаразы ахарџьқәа 50 миллион доллар иазтәоит мызк аҩнуҵҟала.