"Макьана 30 % роуп ицәаӷәоу адгьылқәа араион аҟны. Аиҵахарақәа ҳамоуп, атехника азхаӡом. Зегь раԥхьа игылоу уадаҩроуп уи. Иҟоуп зхатә тракторқәа змоугьы, аха аиҵахарақәа ыҟоуп. Иахьазы 300 гектар рҟынӡа акәхап ицәаӷәоу макьана. Уи нас атехника мацара акәым изхароу, ижәбоит амшқәагьы зеиԥшраз, сынтәа аӡысаамҭа ҳԥырхагахеит", - иҳәеит Шьониа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.