АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik. Швециа Финлиандиа ашьҭахь официалла аҳәамҭа ҟанаҵеит НАТО алаларазы азыҳәа шынарышьҭуа азы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, атәыла ахадараҿ иҟоу асоциал-демократиатә партиа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Убри аан апартиа иазгәанаҭоит атәыла арратә блок ахь ирыдыркылар, Швециа аҵакыраҿы аиадертә бџьари арратә базақәеи рыргылара ишақәшаҳаҭымхо.
Уаанӡа, лаҵара 15 рзы Финлиандиа официалла аӡбра аднакылеит Аҩада Атлантикатәи алианс ишалало азы.
Мшаԥымзазы Финлиандиеи Швециеи акыршықәсатәи анеитралтә статус мап ацәкны арратә блок алалараз рҭахра аадырԥшит арратә операциа инамаданы.
Кремль арҭ атәылақәа НАТО ралалара Урыстәылаз ишәарҭан иршьом.