Аԥсны

Акәашаратә еиндаҭлара "Аӡыхь" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылоит

Акәашаратә уснагӡатә мҩаԥгахоит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы лаҵара 18-19 асааҭ 18:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр XXIV афестиваль-еицлабра "Аӡыхь" алахәхаразы арзаҳалқәа рыдкылара ишалагаз азы алаҳәара ҟанаҵоит ҳәа аанацҳауеит ацентр апресс-маҵзура.

Аиндаҭлара алахәылацәа ҩ-гәыԥкны ишоит: лаҵара 18 рзы 7-12 шықәса зхыҵуа акәашацәа ықәгылоит; лаҵара 19 рзы 13-18 шықәса зхыҵуа ықәгылоит.

Аиндаҭлара ахьӡҳәақәа: аԥсуа жәлар рыкәашара, Кавказ ажәларқәа ма адунеи ажәларқәа рыкәашара, асолотә кәашара. Аицлабра алахәылацәа ирҭаху ахкаҿы рхы ԥыршәар алшоит.
Аиндаҭлара ахықәкы – атрадициақәа реиҭахацыркреи амилаҭтә хореографиа арҿиареи, еиҵагыло аҿар жәлар рҟазара агәыбылра дыркреи, ахореографиатә ҟазара аусхк аҿы ахьӡ ҿыцқәа рцәыргареи.