Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иаԥҵоу Ауаажәларратә хеилак аусура атәы, насгьы атәыла аинтересқәа ахьчара шалнаршо атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
"Ас еиԥш аформақәа аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы, аҳәынҭқарратә маҵзурақәа русура ахархәараҿы – алҵшәа бзиа аанарԥшуеит. Аилибакаара, аинформациа аимадара, ажурналистцәа ирдыруеи аекспертцәа ргәаанагареи аилкаареи аҭахуп. Адәныҟатәи аусқәа рҿы ари иҵегьы иҵаулоуп, аҵакы амоуп. Избанзар заа агәаанагарақәа реибыҳәара, ицәырҵырц иҟало ашәарҭара, адунеи зегьы аҿы ҳара аус ааурц ахьҳалшо, аимадарақәа ҳабжьаҳҵар ахьҳалшо азы ауаажәларраҿы иҟоу агәаанагара аилкаара, аексперттә гәаанагара аилкаара алнаршоит. Актәи аиԥылара ыҟан, аус злоу - уи асистемахь аиагароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҳашыг.
Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.