Лаҵарамза 17 рзы Аԥсны иазгәарҭоит адипломатиатә усзуҩы имш.
"Аԥсуа дипломатиатә усбарҭа Аԥсны апозициа арӷәӷәараҿы иаанааҳкыло аҭыԥ дууп. Уахь иаҵанакуеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара аиура, Евразиатәи аинтеграциатә процессқәа рылахәра. Ҳтәыла адипломатиатә усбарҭа имариамыз амҩа иахысит. Аекономикатә ембарго шыҟазгьы инанагӡон адәныҟаполитикатә усура. Жәларбжьаратәи аренаҿы атәыла аинтересқәа рыхьчара ҳаҿуп. Ихадароуп аминистрраҿы аԥышәа змоу адипломатцәеи аҿари русеицура", - ҳәа азгәеиҭеит Ладариа.
Никарагуа Ареспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, иахьа аԥсуа дипломатцәа зегьы русура ззырхоу аинформациатә еибашьроуп.
"Америкеи Европеи имҩаԥыргоит аинформациатә жәыларақәа, убри аҟнытә амедиацентр инаныгӡо аусура даара кыр аҵанакуеит ииашоу аинформациа анагараҿы", - ҳәа иҳәеит Ладариа.
Адипломат иинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит Нирагуеи Аԥсни реимадара атәы, аҭыԥан инаигӡо аусура атәы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.