Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра "Азовсталь" аҟынтәи зыҽрызҭаз рхыԥхьаӡара ааргеит

Мариуполь ахақәиҭтәра ашьҭахь аметаллургиатә зауад "Азовсталь" аҿы рҽырҵәахит амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа реибашьцәеи аҳәаанырцәынтә қьырала еибашьуеи.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Лаҵара 16 рзы абаталион "Азов" аибашьцәеи украинатәи аррамаҵзурауааи азауад "Азовсталь" аҟынтә иҭыҵны рабџьар шьҭарҵеит, зынӡа 265-ҩык ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла рабџьар шьҭарҵеит 265-ҩык аибашьыҩцәа. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык ахәра ӷәӷәақәа рымоуп. Изҭахны иҟоу амедицинатә цхыраараз ДЖәР ақалақь Новоазовск ахәышәтәырҭахь инаргоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит урыстәылатәи ар аракетақәа "Калибр" рыла ааха шрырҭаз украинатәи арезервтә еиҿкаарақәа, ишҭадырхаз америкатәии европатәии арратә техникеи абџьари.
Уи адагьы, ракетала ааха рыҭан аӷа ир ррезерв Сумеи Чернигови аобластқәа рырҵаратә центрқәа рҵакырақәа рҟны.
Урыстәылатәи аракетақәа иара убасгьы ааха рырҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, аимадаратә ҭыԥ, УАМ аруааи арратә техникеи ргыларҭақәа 28, аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҩба, иҭадырхеит 470-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, ишьақәдырҟьеит 68 ак арратә техника.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Шәҩык инареиҳаны аҭынч уааԥсыра ҭахахьеит ДЖәР аҿы аҭагылазаашьа бааԥсхеижьҭеи
Уи адагьы Харьковтәи аобласт аҿы ирхәашан афымцастанциа маҷ – Донбассҟа ЕААи Европеи рҟынтәи абџьари арратә техникеи мҩанызгоз.
Аоператив-тактикатәии арратәии авиациа ааха рнаҭеит анапхгараҭаратә ҭыԥқәа жәба, ари арратә техникеи ргыларҭақәа 93, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа 3. Урыстәыла аракетатә ар ааха рырҭеит анапхгараҭаартә ҭыԥқәа 6, ари атехникеи ргыларҭақәа 224, артиллериатәии аминаршәгатәии батареиақәа 12, РСЗО БМ-21 "Град" абатареиақәа 4, арадиолокациатә станциақәа 4.