Аԥсны

Аҵәахбанк 25 миллион доллар иҟоу хаҭалатәи азыҳәа азынарышьҭит

Аԥсны АИХқәа рҿы иаларҵәан Аԥсны Аҵәахбанки абанк аклиент иинтересқәа ирыҵагылоу ахатәхаҿи рыбжьара аӡбаратә усеилыргара иазкыз аинформациа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭаҿ Аԥсны атәылауаҩ Хамида Џьапуаԥҳа Аҵәахбанк ахь лзыҳәа иахәаԥшуеит, Абанк Џьапуаԥҳа лыԥҳа, ҩышықәса зхыҵуа Шаида Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭаҟынтә Еиду Америкатәи аштатқәа 25 миллион доллар ахьықәнахыз азы.
Азыҳәа ҟазҵо ишышьақәлырӷәӷәо ала, ари аԥара лара лыԥшәма, жәларбжьаратәи аиҿкаара аусзуҩ, COVID-19 иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз иԥсҭазааразы ԥгаԥсатә шәароуп, уи америкатәи абанк лыԥхьаӡамҭахь иаанашьҭит, Аҵәахбанк уи аԥара иазаазышьҭыз иахь идырхынҳәит.
Аԥсны Аҵәахбанк ари аҭагылазаашьа ахҳәаа анаҭеит. Абанк асаит аҿы икьыԥхьыз апресс-релиз аҿы иаҳәоит аԥарақәа аазышьҭыз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара иатәу UNDP агха рыхьны 25 000 доллар рцынхәрас 25 миллион доллар Аҵәахбанк аклиент Шаида Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭа иахәҭаз шахыԥхьанаӡалаз. Абанк агха шахьыз шьақәнарӷәӷәеит атранзиттә банк ВТБ.
Аашьҭҩы ибанк азыҳәала Аҵәахбанк ииашамкәа иахыԥхьаӡалаз аԥара архынҳәит. Аамҭақәак рышьҭахь Салаҟаиаԥҳа лыԥхьаӡамҭахь ииаган иахәҭаз аԥарақәа. Џьапуаԥҳа урҭ лоуит. Абас ала, Аҵәахбанк азакәан шеиланамгаз, аклиент лзинқәа шеиланамгаз азы аҳәамҭа ҟанаҵоит.