АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Иахьазы Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь адепутатраз акандидатцәа рықәыргылараз ҩ-аԥшьгаратә гәыԥк ҭаҩуп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.
Аҟәатәи АКХ ахантәаҩы Адгәцыр Лагәлаа иажәақәа рыла, ахаҭалатә наплакҩы Аслан Џьапуеи АУН "Атроллеибустә усбарҭа" анџьныр хада Енвер Чамагәуеи адепутатрахь кандидатс рықәыргыларазы агәыԥқәа ҩба ашәҟәы иҭаҩуп.
Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь (аокруг №14) аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит рашәара 12 рзы. Аиҭалхрақәа мҩаԥгоуп Нарсоу Салаҟаиа Апарламент адепутатс дахьалырхыз азы.
Аԥшьгаратә гәыԥқәа рҭаҩра хыркәшахеит лаҵара 22 рзы. Лаҵара 23 инаркны рашәара 1 азынӡа адепутатрахь акандидатцәа ҭарыҩлоит.