Аԥсны

Акросс "Нарҭаа реиԥхныҩлара дуқәа" мҩаԥгахоит Аҟәа

Аиԥхныҩлара иалахәхар рылшоит изҭаху зегьы. Еизоит Амҳаџьырқәа рбаҟа, асааҭ 11:00 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Атлетика лас азы акросс "Нарҭаа реиԥхныҩлара дуқәа" мҩаԥгахоит Аҟәа, лаҵара 21 рзы ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти рзы Аҳәынҭеилакы.
Иазԥхьагәаҭоуп адистанциақәа ҩба - 3 километрак аҳәса рзы, 5 километрак ахацәа рзы.
Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Амҳаџьырқәа ргәалашәара Амш азы, лаҵара 21 аҽны. Ари амш ареспубликаҿ аиԥш аԥсуа диаспора ахьынхо адунеизегьы аҿы иазгәарҭоит. Амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа нхоит 50 тәыла рҿы, аха реиҳараҩык Ҭырқәтәыла аҵакыраҿы инхоит.