Арадио

Амҷба аԥстәқәа алаҵа рзыҟаҵаразы: акәац, ахш рҟынтә ииасуа ачымазарақәа ирцәыхьчатәуп ауаа

Аԥстәқәа алаҵа рзыҟаҵареи, уи иацу ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Очамчыра араионтә ветеринартә маҵзура аиҳабы Ахра Амҷба.
Sputnik
Ҳара ҳусура еиҳарак хықәкы хадас иамоу ауаа ргәабзиара ахьчара, акәац, ахш рҟынтә ииасуа ачымазарақәа ауаа рацәыхьчароуп ҳәа азгәеиҭеит Амҷба аиҿцәажәараҿы.
"Алаҵаҟаҵара иазхәыцуа ыҟоуп, ақыҭа аиҳабацәа иҳаҵҳаҵо аус руеит, уаҵәы ҳнеиуеит ҳәа урзасыргьы, еиқәшәоуп, ауаа ирылаҳәоуп, ацхырааҩцәа анырыԥшаауагьы ыҟоуп, дара анҳавагыло убап. Аха иҟоуп ишабалак иазнеиуагьы. Абри (ачымазара - азгә.) иааргьы ицап ҳәа зҳәо. Афермақәа еиҿкааны измоу, згәы азыбылуа ақыҭанхамҩа, хаҭала ианҳадҵаалогьы рацәаӡоуп. Ҳара иаҳҭахуп алаҵа ҟаҳҵарц, агәаҭарақәа мҩаԥыжәгарц шәанбааиуа ҳәа рҳәоит. Уажәы иҟаҵатәуи, уажәшьҭан иҟаҵатәуи ҳәа иазҵаауеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Амҷба.
Очамчыра араионтә ветеринартә маҵзура аиҳабы иҳәеит, алаҵақәа раӷьырак, аҳәынҭқарра ишрынаҭо, урҭ хәыда-ԥсада ишыҟарҵо, аха убри аан иҟоуп ҟәрышьк иаԥсоу, урҭ рыхәқәагьы арбоуп, анхаҩы идырыртә иҟоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убри аан Амҷба иҳәеит аԥара имаӡам ҳәа ацхыраара зҭаху аӡәгьы мап шицәырымкыц.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.