Аԥсны

Даур Ақаҩба Ҟабарда-Балкариа усутә ныҟәарыла даҭааит

Аԥсны акультура аминистр лаҵара 16 рзы Москва даҭааит. Уа Даур Ақаҩба Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова диԥылеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба Ҟабарда-Балкариа усутә ныҟәарыла даҭааит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Имҩаԥысит Ҟабарда-Балкариа акультура аминистр Мухадин Кумахови иареи реиԥылара. Аминистрцәа еицымҩаԥыргаша ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

Ақаҩба иҳәеит ареспубликақәа рыбжьара акультуратә еимадарақәа шьаҭаны ишырзыҟоу аҭоурыхтә ԥышәа, акультуратә диалог, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара ҵаҵӷәыс ишамоу аиҩызара, аизааигәара.
Акультура аминистр Даур Ақаҩба лаҵара 16 рзы Москваҟа усутә ныҟәарыла днеит.
Даур Ақаҩбеи Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимовеи акультура аусхк аҟны аусеицура иалацәажәеит, акино аусхк аҿы апроектқәагьы налаҵаны.
Аԥсны
Даур Ақаҩба урыстәылатәи акиноеилахәырақәа Аԥсны акинофильмқәа рҭыхра иадиԥхьалеит