Швециеи Финлиандиеи НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ашәҟәы изынарышьҭит алианс алахәхаразы

Амҽыша, лаҵара 15 рзы арҭ атәылақәа рыҩба официалла аҳәамҭа ҟарҵеит Аҩада Атлантикатәи алианс алалара шырыӡбаз азы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik. Швециеи Финлиандиеи рыцҳаражәҳәаҩцәа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг ашәҟәы изынарышьҭит алианс алахәхаразы. Ашәҟәы анашьҭра ацеремониа мҩаԥысит аиҿкаара Бриуссельтәи аштаб-квартираҿ, уи ддырбон НАТО асаит аҿы.
Мшаԥымзазы Финлиандиеи Швециеи акыршықәсатәи анеитралтә статус мап ацәкны арратә блок алалараз рҭахра аадырԥшит арратә операциа инамаданы. Амҽыша, лаҵара 15 рзы арҭ атәылақәа рыҩба официалла аҳәамҭа ҟарҵеит Аҩада Атлантикатәи алианс алалара шырыӡбаз азы.
Лавров: ҳахәаԥшып НАТО Финлиандиеи Швециеи ахы ишанархәо, нас алкаақәа ҟаҳҵап
Москва иазгәанаҭеит Швециеи Финлиандиеи НАТО ралалара Урыстәылазы ишшәарҭам. Убри аан Кремль изныкымкәа иазгәанаҭахьеит алианс агрессиатә ҟазшьа шамоу, иара аҽырҭбаара Европа ашәарҭадаразы ишхәарҭам.
Уи аԥхьа Хельсинки аԥшьгамҭала имҩаԥысит Урыстәылеи Финлиандиеи рхадацәа Владимир Путини Саули Ниинистеи ҭелла реицәажәара. Путин инаҵшьны иҳәеит акыршықәса Финлиандиа имҩаԥнагоз анеитралтә политика мап ацәкра шыгхоу, иарбанзаалак шәарҭарак иара аганахьала иахьыҟам азы, иазгәеиҭеит атәыла адәныҟаполитикатә курс урыстәыла-финлиандиатә еизыҟазаашьақәа ибыргәу анырра ҟанаҵар шалшо.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Финлиандиа НАТО алаларазы аҽазышәарақәа ртәы