Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа рыԥкра иацырҵеит лаҵара 25 рҟынӡа

Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь ҳаиртә баӷәазақәак рҵакырақәа шәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Урыстәыла аладатәии агәҭантәии ахәҭақәа рҳаиртә баӷәазақәа 11 рҟны иалагалоу аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцҵоуп лаҵарамза 25 рҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит Росавиациа.
Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵаркуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа зегьы аус шыруц ируеит. Аԥырратә еилахәырақәа еиҿыркаауеит даҽа хырхарҭамҩақәак, иаҳҳәап, Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва рхы иадырхәаларц.
Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь, уи аахыс изныкымкәан аҿҳәара иацырҵахьеит.