Арадио

Ҳагәышь еиҭеиҳәеит аолимпиада иалҵшәаны афилологиатә факультет шаҟаҩы аднакылаз атәы

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет адекан, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Баҭал Ҳагәышь еиҭеиҳәеит арадио аефир аҟны аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" алҵшәақәа ртәы.
Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ашколқәа раушьҭымҭацәа рзы имҩаԥган аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа". Уи иабзоураны сынтәа ашкол иалго алшара рыман ԥышәарак ала ауниверситет аҭалара. Аҭыԥқәа хԥа-хԥа рзоужьын ибзианы зхы аазырԥшыз аԥышәарақәа раан. Афилологиатә факультет аҟны 6 занааҭк рыла 18-ҩык алшара роуит ауниверситет аҭалара иҳәеит Баҭал Ҳагәышь. Ашколхәыҷқәа разыҟаҵара атәы дазааҭгыло афилологиатә факультет адекан иазгәеиҭеит апандемиа аамҭа аҵара ианымԥшыр шамуз.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.