Аԥсны

Амариал ацҭыԥ: Аԥсны иабанӡашәарҭоу абызкаҭаҳахк иеиуоу

2400 хкы инеиҳаны амариалхкқәа рҟынтәи аҭҵаарадырраҿы 25 хкы шҳамуп ҳәа иршьоит. Дара реиҳарак ишоуроу атәылақәа рҿоуп иахьыҟоу.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. ААР аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсны амариалхкқәас иҟоу, урҭ иахьынӡашәарҭоу ртәы.
"Ҳәарада Аԥсны ишҳаму ахкқәагьы ыҟоуп. Ажәытәан дара рхыԥхьаӡара иҵагьы еиҳан. Уажәы имаҷхо иалагеит. Ари еиҳарак изыдҳәалоу адгьылҵакыра, еиҳаракгьы амшынԥшаҳәа иахьавоу иқәаарыхуа иахьалагаз ауп. Ишәарҭоуи ишәарҭами ибӷашшаратәуи ибӷашшаратәыми ахкқәа жәаба-жәабеи бжаки раҟара ыҟоуп. Иҟалап еиҳазаргьы. Арахь иаҵанакуеит амариалхкқәа, ахәҭеиҟәшақәа", - иҳәеит иара.
Зхы калакәыту, зыгәҭы лаҳәару, зҵыхәа цәыламсу: амаҭ аԥсуаа разгәаҭарақәа рҿы
Иара убасгьы амшын аҿы иҟоуп ишҳамырку аԥсыӡхкқәа. Ус шакәугьы Аԥсны иҟам ауаҩытәыҩса изы ишәарҭоу хкы ҳәа иҳәоит аҵарауаҩ.
"Аԥсны иҟоу ахымаҭқәагьы – Казнаков, Динник уҳәа рҟынтәгьы ԥсыҭбарак ҟалеит ҳәа азгәаҭам", - иҳәеит Дбар.
Амариалқәа рыӡбахә ҳәо аҵарауаҩ иазгәеиҭит адунеи аҿы ишмаҷым урҭ рыхкшәарҭақәа ахьыҟоу. Аԥсны иҟоуп – италиатәи аамариал, гыртәылатәи, кавказтәи амариалқәа.
"Иалкаан гыртәылатәи ахкы иазааигәоу аԥснытәи амариалқәагьы, иара убасгьы Нордман имариал. Дара еиҳа иахьбарроу аҭыԥқәа рҿы инхоит. Аҩнқәа рҿы ма уаҩ дахьахым аҭыԥқәа рҿы иуԥылоит, ибӷашшарадатәуқәа рыла ичоит", - ҳәа иҳәеит ААР аекологиа аинститут адиректор.
Еиқәыԥхьаӡоу амариалқәа шышҳамугьы ауаҩы иԥырхагам, избанзар урҭ рышҳам ихәыҷу аԥстәқәа аиҳаракгьы ибӷашшарадатәиу рмырқәацара ма рышьра иазырхоуп.
"Аллергиа змам, згәы бзиоу ауаҩы изы амариал шәарҭаӡам. Аха ауаҩы аллергиа имазар, иԥсы акыр алшоит. Аха усеиԥш ҟалар ауеит ашьха ма ашхырцәаӷь ануцҳауагьы", - ҳәа иҳәеит Дбар.
Амариал амифтә ҭоурыхқәа ацуп, икаҷаадыркуеит иҳәеит аеколог. Иара иҳәеит амариал ануцҳалак ашьҭахь аллергиа хызҽуа ахәшә адкылара шахәҭоу.