Аԥсны

"Гәыма" имҩаԥысуеит амузыкатә школ ацхыраараз аконцерт

120 шықәса зхыҵуа Аҟәатәи амузыкатә школ ахыбра шьаҭанкылатәи арҽеирақәа аҭахны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Ковач ихьӡ зху амузыкатә школ №1 ацхыраараз агәыҳалалратә концерт мҩаԥгахоит акультура-гәыҳалалратә платформа "Гәыма" аҿы лаҵара 24 азы. Абри атәы асоциалтә ҳақәа рҿы иадырбеит аиҿкааҩцәа.
Аконцерт мҩаԥыргоит ашколхәыҷқәа, асааҭ 16:00 рзы.
Ашкол аҭоурыхтә хыбра архитектуратә баҟоуп. Иара иргылеит архитектор Синицын 1902 шықәсазы абырзен ҭуџьар Дмитри Комнино идҵала. Аԥхьа ара иаартын апансион "Эллада", ареволиуциа ашьҭахь, 1917 шықәсазы – арҵаҩратә семинариа. Асеминариаҿ рҵаҩцәас иҟан XX ашәышықәса алагамҭа иатәыз аԥсуа интеллигенциа –Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба уҳәа егьырҭгьы.
Анаҩс ахыбра арҵаҩратә техникумын, нас – амузыкатә школхеит.
120 шықәса зхыҵуа Аҟәатәи амузыкатә школ ахыбра шьаҭанкылатәи арҽеирақәа аҭахны иҟоуп. Ашкол аусуҩцәа рхатәымчқәа рыла нап адыркылоит, аха рымчқәа азхом.

""Гәыма" акоманда лассы-лассы шәара, ҳҭааҩцәа шәзы ихәыда-ԥсадоу аконцертқәа еиҿыркаауеит, акиносахьақәа, ацәыргақәҵақәа шәдырбоит. Иахьа ҳара иҷыдоу аконцерт ӡыраагоит ашкол аиҭашьақәыргыларазы аԥареизгараз", - аҳәоит ауснагӡатә анонс аҿы.

Аконцерт аҭааҩцәа изҭаху ирылшоит амузыкатә школ аиҭашьақәыргылараз аԥара алагалара.