McDonald's урыстәылатәи абизнес азин змоу иаанархәоит

McDonald's раԥхьатәи ақьафурҭақәа Урыстәыла иаартын 30 шықәса раԥхьа, 1990 шықәса алагамҭаз.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. McDonald's урыстәылатәи аилахәыра уажәтәи аусураз азин змоу Александр Говор иаанархәоит ҳәа аҳәоит аилахәыра арелиз.
Аилахәыра иазгәанаҭеит аахәара-аҭира рзы аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Говор ақьафурҭақәа напхгара аиҭалоит абренд ҿыц ахаҿала.
Амалрҳаҩы Говор аилахәыра "ГиД" итәуп. Иара McDonald's ақьафурҭақәа 25 напхгара риҭоит - Новосибирск, Бердск, Томск, Кемерово, Новокузнецк, Барнаул Красноиарск рҿы.
McDonald's аҟны ирҳәеит ҩшықәса иреиҵамкәан аусуҩцәа зегьы рҭыԥқәа шеиқәдырхо. Аахәаҩ дақәшаҳаҳеит аусуҩцәеи акоммуналтә усбарҭақәеи руалафахәы ашәара.
McDonald's Урыстәылантәи ишықәҵуазы адырра ҟанаҵеит
McDonald's аԥырҵеит Америка 1940 шықәсазы аишьцәа Дики Маки Макдональдаа. Урыстәыла раԥхьатәи ақьафурҭа аартын 1990 шықәсазы. Иахьатәи аамҭазы аилахәыра 100 ҳәынҭқаррак рыҟны 39 нызқь инеиҳаны наплакқәа аус руеит.