АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны урыстәылаа лаҵара 28 инаркны рашәара 3 рҟынӡа еиҳа ирацәаны атурпакетқәа ахьаархәаз атәылақәа раԥхьатәи ахәба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит Вестник АТОР.
Аԥсны Египети Аемиратқәеи инарываргыланы атуристцәа рҿы аҭаххара амоуп, ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит. Арҭ ах-хырхарҭак аҭирақәа зегь рҟынтәи 5% ныркылоит (атурмаҵзуратә ҳа "1001 тур" адыррақәа рыла).
Актәи аҭыԥ аҿы игылоуп Ҭырқәтәыла (57% ), аҩбатәи – Урыстәыла (17%).
Иазгәаҭоуп 58% азыҳәақәа рҟны лаҵара 28 инаркны рашәара 3 рҟынӡа дарбоуп хәыҷы заҵәык, амшынтә курортқәа рахь уи ахыԥхьаӡара еиҳагьы еиҳахоит.