Аԥсны

Ажәларқәа рмилаҭ кәашарақәа реилаларала: афестиваль "Аӡыхь" хыркәшоуп

XXIV ахьыбҿар Рреспубликатә кәашаратә еицлабра афестиваль "Аӡыхь" аԥхьатәи амш азы иқәгылеит аиҵбыратәи акәашаратә гәыԥқәа 19. "Гран При" иаԥсахеит "Абазеи" "Иааирумеи".
Sputnik
АҞӘА, лаҵарамза 20 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Иван Кортуа ихьӡ зху жәлар рҟазара Ареспубликатә центр XXIV афестиваль-еицлабра "Аӡыхь" аҩбатәи ахәҭа иацҵан лаҵарамза 19 азы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы. Асценахь ицәырҵыт аиҳабыратә гәыԥқәа, инарыгӡеит аԥсуа, аерман, албан уҳәа ажәларқәа рмилаҭ кәашарақәа.
"Ахьыбҿар асцена ду ахь рцәырҵра акырӡа аҵанакуеит, уи еиҳау иааироуп. Аҿар акультура радыԥхьалара ҳхықәкы хадақәа ируакуп. Агәра ганы сыҟоуп урҭ Аԥсны аӡбахә адунеи ахы-аҵыхәа ишыддырҳауа", - иҳәеит афестиваль аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа.
Афестиваль аҩбатәи амш аадыртит Иуа Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ акәашацәа Едеми Ельмиреи Ӡиӡигәыриаа, дара инарыгӡеит "Аԥсуа кәашара". Ақәыргылаҩ анапхгаҩы Асҭанда Чичибаиаԥҳа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чачибаиаԥҳаи Ԥачлиаԥҳаи "Аӡыхь" ралахәхара иазкны
XXIV ахьыбҿар Рреспубликатә кәашаратә еицлабра афестиваль "Аӡыхь"
Ахьыбҿар асценахь рцәырҵра азҿлымҳара аҵан. Иарбан қәгыларазаалак иаман ахатәы гьама, ахатәы знеишьа. Акәашаҩцәа рышәҵатәы ҷыдала еиҿкаан, еиуеиԥшым ажәларқәа рыкәашара назыгӡоз аҿар, уи ианаалаша маҭәала еилаҳәан. Уамашәа иубаратәы иҟан шаҟа ирласны, иԥшӡаны, убла узырҟәымго иаадырԥшуаз рҟыбаҩ ҷыда.
Афестиваль "Аӡыхь" аҩбатәи амш аихшьаалақәа рыла иреиҳаӡоу аҳамҭа "Гран При" иаԥсахеит Аҟәатәи акәашаратә ансамбль "Уарада". Анапхгаҩцәа Ҭамила Џьалагониаԥҳа, Ҭемыр Аргәын.
XXIV ахьыбҿар Рреспубликатә кәашаратә еицлабра афестиваль "Аӡыхь"
Иреиҳаӡоу аҳамҭа "Гран При" иаԥсахаз ансамбль анапхгаҩы Ҭамила Џьалагониаԥҳа лцәаныррақәа ҳацеиҩшо илҳәеит,аиааира зынӡа ишазыԥшӡамыз, аха даара гәахәарыла ишрыдыркылаз иреиҳаӡоу аԥхьахә аԥсахара.
XXIV ахьыбҿар Рреспубликатә кәашаратә еицлабра афестиваль "Аӡыхь"
"Иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп ас еиԥш алшара ҳзаԥызҵо, иҳадгыло Нури Еремеи-иԥа. Ҳара ҳзыҳәаны ихадароу аҽалырхәра ауп, аха уи аиааира анацу, ҳәарада ҳгәы ҟанаҵоит. Ирыдысныҳәалоит алахәцәа зегьы, акәашареи ашәаҳәареи рыда хьаа ҟамлааит", - лҳәеит лара.
XXIV ахьыбҿар Рреспубликатә кәашаратә еицлабра афестиваль "Аӡыхь"
Афестиваль ахықәкы – атрадициақәа реиҭахацыркреи амилаҭтә хореографиа аҿиареи, еиҵагыло аҿар жәлар рҟазара агәыбылра дыркреи, аҟазара аусхк аҿы ахьӡ ҿыцқәа рцәыргареи.