Аԥсны акультура аминистрра ихацнаркит аинтерес зҵоу, ақыҭауаа ргәы шьҭызхуа апроект "Алаф ашҭа". Уи хықәкыс иамоуп аԥсуа милаҭтә ҟазара, аԥсуа жәлар рлаф аларҵәара. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит Ҷлоу ақыҭан. Алафҳəаҩцəеи, апародистцəеи, ансамбль "Гəындеи" ақыҭауаа рҿаԥхьа иқәгылеит. Ус еиԥш аиԥылара азгәаҭоуп иахьа Аҷандара ақыҭан.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.