Аԥсны

Лаҵара 23 азы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусурамш аиҭакрақәа аланагалеит

Лаҵара 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ацқьа Симон Канатәи имш.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аконсултә ҟәша лаҵара 23 аусурамш азы аиҭакрақәа аланагалеит ҳәа аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аконсултә ҟәша ашәахьаҽны аус ауеит асааҭ 13:00 рҟынӡа.
Лаҵара 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ацқьа Симон Канатәи имш. Ари Аԥсуа иашахаҵаратә уахәама аныҳәамш хадақәа иреиуоуп. Аԥсны ныҳәатә ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.