Аԥсны

Европатәи ашьапылампылтә чемпионат ConIFA 2022 мҩаԥыргаӡом

ConIFA еиднакылоит FIFA иалам атәылақәеи автономиақәеи ашьапылампыл азы еизгоу ркомандақәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа (ConIFA) аҳәамҭа ҟанаҵеит Ницца рашәарамза алагамҭазы излагараны иҟаз Европа ачемпионат мҩаԥыргаӡом ҳәа. Абри атәы аарыцҳауеит аконфедерациа апресс-маҵзура асоциалтә ҳақәа рҿы.

Уи зыхҟьаз ҳәа ирҳәо Ницца ақалақь апрефектура ақалақьтә муниципалитет ачемпионат амҩаԥгара иахьақәидмыртәыз ауп.

Аконфедерациа адырра ҟанаҵоит Ницца ақалақь ахада иахь изныкымкәа аҳәара шыҟарҵахьаз ари аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәиҵарц, аха урҭ рышәҟәқәа ҭакда ишаанхаз.
Убри инамаданы ConIFA алаҳәара ҟанаҵеит 2022 шықәса рзы ачемпионат шыҟамло. Иара убас аконфедерациа ргәы иҭоуп аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ шырышьҭуа ари азҵаара аӡбаразы.
Ачемпионат иалахәхараны иҟан Европа иқәынхо амилаҭ маҷқәа ркомандақәа 12, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥсны акомандагьы.