Sputnik Аԥсны аҭыхратә гәыԥ раԥхьа изҭааз Дранда акәын. Сариа лажәақәа рыла, уаҟа аҵыҵындра еиҳарак иаадрыхуеит аҳәаа иахыганы аҭиразы. Анаплак ду аҿы аус руеит 60-ҩык ауааԥсыра, урҭ реиҳараҩык ақыҭан инхо роуп, иҟоуп егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәигьы иаауа, иара убас Гал араион аҟынтәгьы. Ҽнак анаплакаҿы аус зуа зықь мааҭ аԥара рзыршәоит ҳәа еиҭалҳәеит Сариа.
Анаҩс, ҳҭыхратә ӷәыԥ Аӡҩыбжьа ақыҭа иаҭааит. Уаҟа аҵыҵындра ирааӡо 60% аекспорт ахь иргоит, 40% аҩнуҵҟа ирҭииуеит.
"Ахԥатәи аҭыԥ - Кациқыҭ иҟоу ани аԥеи рнаплак маҷ ҳаҭааит. 30 нызқь шьаҭа роуп ирымоу. Аҷкәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агрономк иаҳасабала аҵара далганы, иқыҭахь дхынҳәны аҵыҵындра иааӡоит. Иани иареи шықәс дуӡӡак аус руеит. Ари иҿырԥшыгоу хҭысуп. Угәы иахәартә иҟоуп ауаа рхатә џьабаала рус ианаҿу", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.