Аԥсны

Аԥснытәи абоксиорцәа ҿарацәа Шәача атурнир аҿы аиааирақәа ргеит

Лаҵара 20-21 рзы Шәача имҩаԥысуан 1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны игаз Аиааира 77 шықәса ахыҵра иазкыз абокс азы аицлабрақәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. Аԥснытәи аспортсменцәа ҿарацәа Шәача абокс азы атурнир аҿы аиааирақәа ргеит, абри атәы аанацҳауеит спортсмены из Абхазии заняли призовые места на первенстве по боксу в Сочи, аанацҳауеит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Актәи аҭыԥқәа ргеит Амир Бармышьаа Бзыԥҭа аҳаблаҟынтәи, ҩыџьа аҟәаа - Анри Зарданиеи Ерасҭ Хьыббеи. Аҩбатәи аҭыԥ игеит Бзыԥҭа инхо Андреи Иобиӡе.
Лаҵара 2021 рзы Шәача имҩаԥысуаз атурнир иалахәын Шәача, Аԥсны, Краснодартәи атәылаҿацә рҟынтәи аспортсменцәа 150-ҩык раҟара.