АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Ақәа ақалақь Гәлиа имҩаду х-ҭыԥк рыҟны иаркхоит ашәахьа лаҵара 23 азы ҳәа аанацҳауеит Аҟәа ақалақь ахадара асааит.
Ақалақь амҩадуқәа ируаку акаҭран аҩбатәи аҿыгҳара ақәҵаразы аусурақәа ирыцҵоуп.
Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа инарымаданы Гәлиа имҩала амашьынақәа рныҟәара аанкылоуп Агәмаа амҩа инаркны Имам Шамиль имҩа аҟынӡа, амҩеихдақәа Аҩардан-Гәлиа, Амҷба-Гәлиа.