Аԥсны

Аԥсны ААР Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа дцеит аиҿцәажәарақәа рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҟны иазгәаҭоуп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ, аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿ, Аҳәынҭдумаҿ Инал Арӡынба иԥыларақәа, ирылацәажәоит аԥсуа-аурыс аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа ирызку хра злоу азҵаарақәа.
Ари Арӡынба ахԥатәи иусутә ныҟәароуп 2022 шықәса ҳаҭалеижьҭеи, уажә аԥхьа Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит жәабранмзеи хәажәкырамзеи рзы.
Аԥсны
Инал Арӡынба: Аԥсны асуверенитет Қырҭтәыла иазханаҵарц адҵа ҟанаҵоит